Америка ацҳаражәҳәарҭа – Америка, америкатә интересқәа рырҕәҕәара амзызла, Қырҭтәыла азнеишьа аиҭахәаҧшра нанагӡоит
«Иахьа ацҳаражәҳәаҩ Даннигани абжьагаҩ еиҳабы Телкеи, Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рылацәажәаразы, адәныҟатәи аусқәа рминистр Боҷоришвили илҧылеит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Америка, америкатә интересқәа рырҕәҕәара амзызла, Қырҭтәыла азнеишьа аиҭахәаҧшра нанагӡоит.
«Қырҭтәыла аиҳабыра, иҵабыргны Америкаҟны аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра рҭахызар, Америка дара иҟарҵаша ашьаҿақәа еилыкка иҳәаақәнаҵеит», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.