Америка ацҳаражәҳәарҭа - Афинансқәа рминистри ҳареи Америка Урыстәыла иазышьақәнаргылаз асанкциақәеи, иара убас, Қырҭтәыла „Трамп имаршрут“ ишацхрааша ҳалацәажәеит
Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аинформациа ишану ала, ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Алан Персель Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили диҧылеит.
Ацҳаражәҳәарҭа адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Америкеи рекономикатә еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.
„Иахьа, ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Алан Персель, еиуеиҧшым азҵаарақәа инарываргыланы, ҩ-ганктәи аекономикатә еизыҟазаашьақәеи, Қырҭтәыла аекономикатә аҿиареи, Америка Урыстәыла иазышьақәнаргылаз асанкциақәеи, Қырҭтәыла „Трамп имаршут“ (TRIPP)“ ишацхрааша алацәажәаразы, Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили диҧылеит, – иануп ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.