Америка ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩи амитрополит Шио Муџьири реиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит
Америка ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа рынагӡаҩи амитрополит Шио Муџьири реиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит

Америка ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Алан Перселли  амитрополит Шио Муџьири реиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит.

Аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы ҩ-тәылак реиҩызареи Қырҭтәыла аҭоурыхи акультуреи рҿы ауахәама инанагӡо ароли иалацәажәеит.

«Ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо  Алан Перселл  Қырҭтәыла Апатариархиаҿы Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, амитрополит Шиои  (Муџьири) егьырҭ адоуҳатә хаҿқәеи дырҧылеит.  Дара ҩ-тәылак реиҩызареи Қырҭтәыла аҭоурыхи акультуреи рҿы ауахәама инанагӡо ароли иалацәажәеит. Ҳара атәыла зехьынџьара аҭоурыхтә уахәамақәеи артефактқәеи рыхьчараҿы иҟаҳҵаз алагала ҳазгәдууп», — иануп ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.