Америка ацҳаражәҳәарҭа - 1992 шықәса мшаҧы 23 рзы Америка Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа аанартит, иахьа, 34 шықәса рышьҭахь,  Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи апартниорра арҕәҕәара згәыдурала инаҳагӡоит 
Америка ацҳаражәҳәарҭа - 1992 шықәса мшаҧы 23 рзы Америка Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа аанартит, иахьа, 34 шықәса рышьҭахь,  Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи апартниорра арҕәҕәара згәыдурала инаҳагӡоит 

1992 шықәса мшаҧы 23 рзы,  адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ашьҭахь мызкы анҵы,   Америка Қарҭ  ацҳаражәҳәарҭа аанартит. Убри ала,  Америка даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла асуверенитети ахьыҧшымреи ишадгыло, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, иахьа, 34 шықәса рышьҭахь,  америкатә аган Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи апартниорра арҕәҕәара згәыдурала инарыгӡоит.

„Усҟан ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡоз  Кери Кавоно ацҳаражәҳәарҭа аартра аҭоурыхтә хҭысуп ҳәа иҳәан, Америкеи Қырҭтәылеи реимадарақәа рырҕәҕәареи, аусеицура арҭбаареи, агуманитартә цхыраара аизырҳареи далацәажәеит.

Иахьа, 34 шықәса рышьҭахь,  Қырҭтәылаҟны ҩ-ганктәи апартниорра арҕәҕәара згәыдурала инаҳагӡоит“, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.