Америка ацҳаражәҳәарҭа — 1992 шықәса лаҵара 25 Америка-Қырҭтәылатәи еизыҟазаашьақәа рҿы аҭоурыхтә мшны иҟалеит, избанзар, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны мызқәак анҵы, Џьеимс Беикер Қырҭтәыла даҭааит
«1992 шықәса лаҵара 25 Америка-Қырҭтәылатәи еизыҟазаашьақәа рҿы аҭоурыхтә мшны иҟалеит», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа асоциалтә аҳаҿы иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Америка ала Қырҭтәыла ахьыҧшымра азхаҵареи ҩ-тәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи ашьҭахь, мызқәак анҵы, америкатә ачынуаҩ раҧхьаӡа акәны Қырҭтәыла даҭааит.
«Америка усҟантәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Џьеимс Беикер Қырҭтәыла даҭааит 1992 шықәса лаҵара 25–26 рзы», — иануп ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.