Америка ацҳаражәҳәарҭа - Қырҭтәыла иҩынтәны имҩаҧнагоит апартниорцәа рҟны аусеицура арҕәҕәареи НАТО ашьашәалазаара арҕәҕәареи иазку арратә азыҟаҵарақәа „Троиа ашьаҭақәа“
Қырҭтәыла иҩынтәны имҩаҧнагоит „Троиа ашьаҭақәа“, Америка аоперациа ҷыдақәа рымчқәа рнапхгарала Европа имҩаҧысуа зегьы реиҳа зымҽхак дуу азыҟаҵарақәа, урҭ аартын иҳаҩсыз амчыбжь азы, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа иаланарҵәаз аинформациаҿы.
Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп апартниорцәа рҟны аусеицура арҕәҕәареи НАТО ашьашәалазаара арҕәҕәареи, арегионалтә шәарҭадара адгыларазы азеиҧш ахиазаара аиҕьтәреи.
„2026 шықәсатәи азыҟаҵарақәа ирылахәып 1 000ҩык раҟара америкатә арратә маҵзуҩцәеи НАТО иалахәы атәылақәеи апартниор тәылақәеи рҟынтә 2 000ҩык аруааи“, – иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.