Америка ацҳаражәҳәарҭа – Иахьа Мдинараӡе имцырку аҳәамҭа ҟаиҵеит, ииҳәаз зегьы мцуп, уи алагьы иубарҭоуп иара Трампи Рубиои рприоритетқәа рыдгыларазы ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵо шизымдыруа
Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, иахьа Мдинараӡе ииҳәаз алагьы иубарҭоуп иара Дональд Трампи Марко Рубиои рприоритетқәа рынагӡаразы ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵо шизымдыруа.
«Иахьа Мдинараӡе имцырку аҳәамҭа ҟаиҵеит, ииҳәаз зегыь мцуп, уи алагьы иубарҭоуп иара Трампи Рубиои рприоритетқәа рынагӡаразы ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵо шизымдыруа. Трамп Америка иаҳа ишәарҭам, иаҳа иҕәҕәоу ҳәынҭқаррас иҟаиҵар иҭахуп», — иануп Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.
Иахьа «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе иҳәеит: «Гәалсрала исҳәар сҭахуп – Америка аиҳабыра ҿыц ак рҳәоит, аха, ҵаҟатәи аешелонқәа, Америка ацҳаражәҳәарҭагьы, зынӡаскгьы даҽак ҟарҵоит».