Рати Брегаӡе – Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили Варшаваҟа ииагаразы мап ицәыркит,  ҳаиҳабыра ирыдрымҵеит атәыла аҩныҵҟа даҽа клиникак ахь ииагара
Рати Брегаӡе – Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили Варшаваҟа ииагаразы мап ицәыркит,  ҳаиҳабыра ирыдрымҵеит атәыла аҩныҵҟа даҽа клиникак ахь ииагара

«Страсбургтәи аӡбарҭа Михаил Саакашвили идукатцәа рыҳәара нанамгӡеит», —  иахьатәи абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.

«Иахьа Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара цәырган,  уи инақәыршәаны,  Михаил Саакашвили Варшаваҟа ииагаразы мап ицәыркит,  иара убас,  атәыла аиҳабыра ирыдрымҵеит атәыла аҩныҵҟа даҽа клиникак ахь ииагара», — иҳәеит  Брегаӡе.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла – ауаҩы иаҳаҭыри егьырҭ азинқәеи зыхьчо  европатәи ҳәынҭқарроуп.

«Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла ақәҿиарақәа згәы ҧыржәо гәыҧҩык иҟоуп, дара хықәкыла ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳтәыла европатәи аҧеиҧш иаҧырхагахарц азыҳәан.  Саакашвили данааи раҧхьатәи амш инаркны имцырку акампаниа иалагеит,  Қырҭтәыла  ауаа дыргәаҟуашәа аадырҧшыр рҭахын. Абри ахықәкы анагӡаразы дара Саакашвили ибжьаргон цасҳәа амлашьра далагарц,  аҳақьымцәа рҳәатәы хеимҵарц,  убри ала игәабзиара ҧырхага ду азааигеит».

Мшаҧы 11 рзы Михаил Саакашвили идукатцәа Страсбургтәи аӡбарҭа ашшыҧхьыӡ аларҵеит. Адукатцәа Саакашвили иқәырҵаз азыӡба ахырҧареи ахәшәтәразы аҳәаанырцәҟа ииагареи иаҳәон.