Рати Брегаӡе  - Саакашвили  аҳауаҿ аҟазаара азин имоуп, аха,  ихатә ҭаххарала ари азин ихы иаирхәом
Рати Брегаӡе  - Саакашвили  аҳауаҿ аҟазаара азин имоуп, аха,  ихатә ҭаххарала ари азин ихы иаирхәом

«Михаил Саакашвили хынтәтәи акрыфареи ииҭаху ахәшәқәеи рыла деиқәыршәоуп, хәшәқәак идикылом, аҳауаҿ аҟазаареи анеиааиреи  азин имоуп, аха, ихатә ҭаххарала ари азин ихы иаирхәом», — иҳәеит аиустициа аминистр Рати Брегаӡе иахьатәи абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла,  Михаил Саакашвили амедицинатә маҵзура имам ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам.

Иара убас, Брегаӡе  ишиҳәаз ала, Саакашвили амла дакуеит ҳәа ирҳәо зегьы мцуп, уи апенитенциартә система иаҿагылоу акампаниоуп.

«Аҳақьымцәагьы иазгәарҭеит иара ииҭаху ахәшәқәа зегьы рыла дшеиқәыршәоу, аха, ихатә ҭаххарала, хәшәқәак идикылом. Апенитенциартә маҵзура аҳәамҭа аларҵәаны, ари аус иазҿлымҳау асубиектқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵеит хықәкыла адезинформациатә кампаниа амҩаҧгара иаҟәыҵырц», — иҳәеит Рати Брегаӡе.