Рати Брегаӡе  –  Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы аекспертиза амҩаҧгара амзызла, иааиуа амшқәа рзы Самхараули ихьӡ зху аекспертизаа ацентр ҳадҵаалоит
Рати Брегаӡе  –  Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы аекспертиза амҩаҧгара амзызла, иааиуа амшқәа рзы Самхараули ихьӡ зху аекспертизаа ацентр ҳадҵаалоит

«Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы аекспертиза амҩаҧгара амзызла, иааиуа амшқәа рзы Самхараули ихьӡ зху аекспертиза ацентр ҳадҵаалоит. Изакәызаалак зҵаарак иҟамзарцаз аинформациа наӡа ҳаур ҳҭахуп», — иҳәеит аиустициа аминистр  Рати Брегаӡе.

Аминистр иҳәамҭала,  Михаил Саакашвили апенитенциартә усбарҭашҟа даннарга инаркны изныкымкәа амедицинатә цхыраара ирҭахьеит, аклиникашҟагьы дыргахьеит, ари аганахьала Саакашвили изинқәа хьчоуп.

«Саакашвили изныкымкәа апенитенциартә усбарҭаҿы амедицинатә цхыраара мап ацәикхьеит. Иара амедицинатә цхыраара аниҭахыз, аҳәынҭқарра еснагь ицхраауан», — иҳәеит  Рати Брегаӡе.