Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр – Ҳара азакәан ҳақәныҟәоит
Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр – Ҳара азакәан ҳақәныҟәоит

«Азакәан аҿаҧхьа ауаа зегьы еиҟароуп, Мелиа ихаҭагьы убри ауп ииҳәо, ҳара азакәан ала иҳаду аҧхықәрақәа наҳагӡоит», — иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Ника Мелиа изы адепутаттә иммунитет  аанкылара иазкыз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Гомелаури иҳәамҭала, аминистрра азакәан иақәныҟәоит.

Апрокуратура хада апарламент иадҵаалт Ника Мелиа изы аҧкратә уснагӡатә аҳасабала абаандаҩтәра ахархәаразы. Анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, апарламенттә аиҳара аоппозициатә политик аиммунитет имхра иақәшаҳаҭхоит.   Қырҭтәыла зегьы реиҳа идуу аоппозициатә партиа  «Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Ника Мелиа ишиҳәаз ала, ашас ашәара игәы иҭам.