Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа  Америка имҩаҧысуаз  «Аполицаицәеи абылрацәыхьчаҩцәеи адунеизегьтәи рыхәмаррақәа» рҿы ахьтәи араӡнытәи медальқәа ргеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа  Америка имҩаҧысуаз  «Аполицаицәеи абылрацәыхьчаҩцәеи адунеизегьтәи рыхәмаррақәа» рҿы ахьтәи араӡнытәи медальқәа ргеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа  Америка имҩаҧысуаз  «Аполицаицәеи абылрацәыхьчаҩцәеи адунеизегьтәи рыхәмаррақәа» рҿы ахьтәи араӡнытәи медальқәа ргеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

«Аполицаицәеи абылрацәыхьчаҩцәеи адунеизегьтәи рыхәмаррақәа» ҩышықәса рахь знык еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы имҩаҧысуеит. Сынтәа ахәмаррақәа мҩаҧысуан Бирмингем ақалақьаҿ. Уаҟа 60 еиуеиҧшым аспортхкқәа рзы еицлабуан 70 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә  8500ҩык аспортсменцәа.