Қарҭ, Аолимпиатә қыҭаҿ иаарту анҭыҵтәи госпиталь 500ҩык апациентцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп
Қарҭ, Аолимпиатә қыҭаҿ иаарту анҭыҵтәи госпиталь 500ҩык апациентцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп

Қарҭ, Аолимпиатә қыҭаҿ иаарту анҭыҵтәи госпиталь 500ҩык апациентцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп

«Аолимпиатә қыҭаҿ иаарту анҭыҵтәи госпиталь 500ҩык апациентцәа рымаҵ ауеит», — илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе.

Аминистр лҳәамҭала, анҭыҵтәи госпиталь ишахәҭоу еиҧш еибыҭоуп, ақырҭуа ҳақьымцәа реиҳара анҭыҵтәи аҭагылазаашьақәа рҿы аусура аҧышәа ду рымоуп.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла, арратә анҭыҵтәи ҭагылазаашьақәа рзы аҳақьымцәа реиҭазыҟаҵара мҩаҧгамызт, аха, аҳақьымцәа реиҳара аҵара анырҵоз, хымҧада арратә аиҭазыҟаҵара иахысуан, дара рызынтәгьы абри аганахьала аҧышәа рымоуп», — илҳәеит Тикараӡе.

Иара убас, Агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, ахалагәаҧхаҩцәеи анҭыҵтәи агоспитальқәа русзуҩцәеи разыҟаҵаразы, Аџьар ҟаҧшь аҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит.