Польшатәи АИХ – Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа  11-тәи апакет азы изеиқәшаҳаҭымхеит  
Польшатәи АИХ – Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа  11-тәи апакет азы изеиқәшаҳаҭымхеит  

Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа  11-тәи апакет азы изеиқәшаҳаҭымхеит. Польшатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Евроеидгылаҿ Польша ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Аинформациа ишану ала, анеҩстәи аиҧылара мҩаҧысуеит иааиуа амчыбжь азы.

Евроеидгылаҿ Поьша ацҳаражҳәаҩ Анџьеи  Садоса иҳәамҭала,  зыӡбахәы ҳәоу апакет иадҳәалоу азҵаарақәа рацәа акомплекстә ҟазшьа рымоуп, убри аҟынтә, шьаҭанкыла иҭҵаатәуп.

Иара убас, польшатәи адипломат ишазгәеиҭаз ала, Варшава аҳәара иқәнаргылеит Урыстәылантә Евроеидгылаҟа ақыҭанхамҩатә аалыҵ анагаразы ақәиҭымтәра ашьақәыргыларазы.

«Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы   урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аагаразы азин аҿҳәара ацҵара ахәҭам ҳәа иҳаҧхьаӡоит», — иҳәеит  Анџьеи  Садоса.