Паата Имнаӡе – Ҩынтә еиҳаны атестқәа шыҟаҳҵогьы, ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара иацлом, авирус аларҵәара аанкылоуп
Паата Имнаӡе – Ҩынтә еиҳаны атестқәа шыҟаҳҵогьы, ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара иацлом, авирус аларҵәара аанкылоуп

 

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр адиректор ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡе игәаанагарала, аҧкрақәа алҵшәа рхылҵит, ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлара иаҟәыҵит.

Акоординациатә хеилак аилатәара ашьҭахь Имнаӡе ишиҳәаз ала, .атестирра апроцесс шдырҭбаазгьы, авирус аҿкаара арбагақәа рыцлом, уи иаанагоит авирус аларҵәара аанкылоуп ҳәа.

«Аҧкрақәа шьақәҳаргылеижьҭеит ҩымчыбжь ҵуеит,  ҩынтә еиҳаны атестқәа шыҟаҳҵогьы, ишаабо ала, авирус арбгақәа азҳара иаҟәыит.  Авирус аларҵәара аганахьала адунеи аҿы актәи аҭыҧ шаанаҳкыло аадыруеит,  ҳсистема  абри зегьы ахылаҧшра алшеит, аха, ачымазаҩцәа иҵегьы ирацәахазҭгьы, ҳсистема урҭ рхылаҧшра залшомызт. Макьана аҭагылазаашьа иҭышәынтәалоуп. Авирус аларҵәара аанкылоуп. Ҩымчыбжьтәи аҧкрақәа рыбзоурала афактқәа рхыҧхьаӡара ацлара иаҟәыҵит. Абри ауп зегьы реиҳа ихадоу», — иҳәеит Имнаӡе.