Агәабзиарахьчаразы адунеитә аиҿкаара Китаи ахь ааԥхьара ҟанаҵоит апандемиа иазкны иҵабыргыцәҟьоу адыррақәа аладырҵәарц
Агәабзиарахьчаразы адунеитә аиҿкаара Китаи ахь ааԥхьара ҟанаҵоит апандемиа иазкны иҵабыргыцәҟьоу адыррақәа аладырҵәарц

Шанхаи иқәынхо 25 миллионҩык рҟынтә 70% акоронавирус ала ичмазаҩуп. Ари атәы аарыцҳаит мраҭашәаратәи аихқәа Шанхаитәи аекспертцәа рконсультациатә панель ахаҭарнак, Чен Ержен иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аихқәа ринформациала, Шанхаи аларҵәара аиуит “Омикрон” аштамм, аекспертцәа ргәаанагарала ачымазара ашыкьымҭа 2023 шықәса ажьырныҳәазы ҟалоит.

Китаи агәабзиарахьчара аофициалтә хаҿқәа ргәаанагара ала, егьырҭ идуу ақалақьқәа рҿы – Пекин, Тианӡин, Чинцинг, Гуанџтоу рҿы акоронавирус аларҵәара ашыкьымҭаҿ иҟоуп. Агәабзиарахьчаразы адунеитә аиҿкаара Китаи ахь ааԥхьара ҟанаҵоит апандемиа иазкны ииашоу адыррақәа аладырҵәарц.