Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала
Тедрос Аданом Гебреисус - Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала

Агәабзиаразы зегьеицырзеиԥшу аиҿкаара анапхгаҩы Тедрос Аданом Гебреисус аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы “Covid-19” афактқәа рырацәахара иадҳәаланы, ауаԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵоит асабрадақәа ныҟәыргаларц.

ЕАР иаҵанакуа аиҿкаара анапхгаҩы иажәақәа рыла, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы атәылауаа акоронавирус азы атестқәа ҟаҵаны, иаҭаххар амедицинатә ацхыраара аиуразы иадҵаалароуп.

„ Covid-19-и, агриппи егьырҭ ареспиратортә чымазарақәеи рхыԥхьаӡара иазҳауеит, асабрадақәа ныҟәыжәгала, алаҵақәеи атестқәеи иҟаҵаны ахьшәымоу гәашәҭала“, – иҳәеит Тедрос Аданом Гебреисус.

Агәабзиаразы зегьеицырзеиԥшу аиҿкаара аинформациала, адунеи аҿы акоронавирус ала ичмазаҩхеит 850 000-ҩык.