Ԥхынҷкәын азы Китаи 250 миллион ҩык акоронавирус рыдбалан
Ԥхынҷкәын азы Китаи 250 миллион ҩык акоронавирус рыдбалан

Ԥхынҷкәын азы Китаи 250 миллион ҩык акоронавирус рыдбалан, – ари иануп Китаи  агәабзиарахьчаратә агентра маӡалатәи аҳасабырбаҿ.

CNN аинформациала, аихқәа рҿы аларҵәара зауз маӡалатәи адыррақәа ииашазар, атәыла ауааԥсыра 18% акоронавирус ала ичмазаҩуп. Ари апандемиа ҿыц ашәарҭа ауп.

“Фаинаншиал ҭаимси” “Блумберги” рдыррақәа рыла, аҳасабырба инақәыршәаны, ԥхынҷкәын 20 рзы иҟаз адыррақәарырла, ачымазара зыдбалаз рхыԥхьаӡара 37 миллионҩык рҟынӡа инаӡеит, аха анапхгара рдыррақәа рыла, ичмзаҩуп 3049-ҩык мацара.