Китаи, Синӡиантәи апровинциаҿ, акоронавирус амзызла иҟаз алокдаун иахҟьаны, аҿагыларатә акциа мҩаԥган
Китаи, Синӡиантәи апровинциаҿ, акоронавирус амзызла иҟаз алокдаун иахҟьаны, аҿагыларатә акциа мҩаԥган

Китаи, Синӡиантәи апровинциаҿ, акоронавирус амзызла иҟаз алокдаун иахҟьаны, аҿагыларатә акциа мҩаԥган.

“Роитер” аинформациа ала, Урумчи ақалақь аҿы еизаз адемонстрантцәа локдаун ахыркәшара идҵаны иқәдыргылеит, урҭ Кити агимн ишәаҳәон – “Шәгыл, изҭахым атәыс даанхааит!” ҳәа.

Аихқәа рдыррақәа рыла, аҿагыларатә акциа аихагыларацәа акорпус абылра иахылҵит, амца 10-ҩык иалаӡит. Аҭыԥантәи уааԥсыра ишаарыцҳаз, ауааԥсыра аиқәырхара рылымшеит ахыбра ахәҭа ахьаркыз, алокдаун амзызла ауаа ревакуациа рылымшеит.

Китаи аиҳабыра Синӡиантәи арегион аҟны зегь реиҳа ицәгьоу акарантин шьақәнарӷәӷәеит. Урумчи 4 миллионҩык инхоит, алокдаун шьақәгылеижьҭеи 100 мш ҵуеит.