Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Китаи аҟны 40 052-ҩык акоронавирус рыдблан
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Китаи аҟны 40 052-ҩык акоронавирус рыдблан

Китаи акоронавирус атәылауаа арекордтә рхыԥхьаӡара рыдбалан. Аихқәа рдыррақәа рыла, Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Китаи аҟны 40 052-ҩык акоронавирус рыдблан.

Хәымш ирылагӡаны атәылаҿ акоронавирус ала ачымазаҩхара афактқәа рацәахеит. Иацы акоронавирус рыдбалан 39 506-ҩык.

Зегь реиҳа афактқәа рацәоуп Гуанџьоуи Чунцини рҿы.

Китаи “ковид-19” аҿагыларазы анольтә политика мҩаԥыргоит. Китаи аковид амзызла ишьақәгылоу аԥкрақәа раԥыхразы аҿагыларатә акциа мҩаԥган. Адемонстрантцәа Пекини Шанхаии атәыл егьырҭ ақалақьқәеи рҿы еизеит.