Олаф Шольц Китаи даҭааит
Олаф Шольц Китаи даҭааит

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц хымштәи авизитла Китаи даҭааит. «Реитер» ишану ала,  Шольц ицуп анемец бизнес ахаҭарнакцәа.

Германтәыла аканцлер ивизит иалагеит  Чунцин ақалақьаҿ. Анеҩс, Шольц Пекинҟа ддәықәлоит, уаҟа китаитәи алидер Си Ӡиньпин диҧылоит.

Шольц ишазгәеиҭаз ала, Пекин Ааигәатә Мрагылараҿ аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иацхраар алшоит.

Авизитаан Германтәыла аканцлер Украина имҩаҧысуа аибашьра алацәажәара игәы иҭоуп. Шольц игәаанагарала, Пекин Москва иазаанарҧшуа адгылара амшала Урыстәыла Украинаҿ аибашьра нанагӡоит, уи Европаҿ Китаи ахьӡ ланарҟәоит.