Ника Мелиа – Уаҵәы русҭавтәи абахҭа аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуеит
Ника Мелиа – Уаҵәы русҭавтәи абахҭа аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуеит

«Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа есымша ацәгьахара иаҿуп,   ҳара аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵароуп», — иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа.

Иара ажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  Михаил Саакашвили идгыларазы уаҵәы абахҭа аҧхьа   «Амилаҭтә ҵысра»  имҩаҧырго апротесттә акциашҟа инеирц.

«Уаҵәы, асааҭ  17:00 рзы, ҳара Русҭави абахҭа аҧхьа  ауааҧсыра рацәа еизаҳгароуп. Уаҵәы инаркны ҳара ҳаилыҵуам,  акциаҿы ҳаанхоит.  Аамҭа – аамҭала акциашҟа инеиуеит егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟынтә апатриотцәа. Михаил Саакашвили атәылауаҩратә медицинатә усбарҭашҟа диаргаанӡа уа ҳаҟазаауеит», — иҳәеит Ника Мелиа.