Молдова аҧыза-министр  - Ҳара НАТО акәымкәа, Евроеидгылашҟа аинтеграциа ауп иаҳҭаху
Молдова аҧыза-министр  - Ҳара НАТО акәымкәа, Евроеидгылашҟа аинтеграциа ауп иаҳҭаху

«Ҳара НАТО акәымкәа, Евроеидгылашҟа аинтеграциа ауп иаҳҭаху», — илҳәеит Молдова аҧыза-министр Наталиа  Гаврилица  Euronews аинтервиу аҿы.

Лара лажәақәа рыла, атәыла анеитралитет апринцип Аконституциаҿы иарбоуп.

«Ашәарҭадара агнахьала арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазҧхьгәаҭаны, Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟазҵаз атәылақәа ирықәынхо ауааҧсыра рзы акандидат-тәыла астатус аиура иаҵанакәа рацәоуп, — дара зхы иақәиҭу адунеи аҿы ишырзыҧшу азы адырга роуеит», — илҳәеит  Наталиа  Гаврилица.