Михаил Саакашвили – Сара ахаангьы сдукатцәа ирасымҳәацт ашҳам сырҭеит ҳәа гәҩарас исымоуп ҳәа, ари атемазы абжьахәаахәҭра ҟалом
Михаил Саакашвили – Сара ахаангьы сдукатцәа ирасымҳәацт ашҳам сырҭеит ҳәа гәҩарас исымоуп ҳәа, ари атемазы абжьахәаахәҭра ҟалом

«Сара ахаангьы сдукатцәа ирасымҳәацт ашҳам сырҭеит ҳәа гәҩарас исымоуп ҳәа», — иҩит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла, ари атемазы абжьахәаахәҭра ҟалом.

«Сара аргама исҳәар сҭахуп  ашҳам сырҭеит ҳәа гәҩарас исымоуп ҳәа сдукатцәа ахаангьы ишрасымҳәац. Ари атемазы абжьахәаахәҭра ҟалом. Амедицинатә уаажәларра адгыларазы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.  Аиашаз, аҵыхәтәантәи ҩымз рыла сгәабзиара еицәахеит.  «Вивамеди» аҳақьымцәа ирылшо зегьы ҟарҵоит. Аспециалистцәа рыгәра угароуп, уи аҵакы ду амоуп, аха, ари азҵаара аполитикатә ашьаҭа аҭара аҭахым. Даҽазнык шызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҩит  Михаил Саакашвили.