Михаил Подолиак – Москвеи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа иҵегьы мчыбжьқәак инагӡахар ауеит,  избанзар,  ҳпозициақәа еиқәшәом
Михаил Подолиак – Москвеи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа иҵегьы мчыбжьқәак инагӡахар ауеит,  избанзар,  ҳпозициақәа еиқәшәом

Украина ахада иофис абжьаагаҩ Михаил Подолиак ишиҳәаз ала, Урыстәылаҟны аҭынчратә еиҿцәажәарақәа иҵегьы мчыбжьқәак инагӡахар ауеит. Украинатәи АИХ адыррақәа рыла,  Подолиак ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Bloomberg аинтервиу анеиҭоз.

Подолиак ишиҳәаз ала,  аиҿцәажәарақәа рҿы ахадаратә зҵаарақәоуп  ашәарҭадара агарантиақәеи,  амца аанкылареи,  урыстәылатәи арбџьармчқәа ралгареи,   «еимактәыс иҟоу аҵакырадгьылқәа рызҵаара аполитикатә ҭыҧқәҵареи». Иара ишазгәеиҭаз ала,  Москва хәыҷык рпозициа рыҧсахит,  аха,  иззеиқәшаҳаҭымхо азҵаарақәа рымшала аиҿцәажәарақәа иҵегьы мчыбжьқәак инагӡахар ауеит.

«Ҳаззықәшаҳаҭымхо зҵаарақәак иҟоуп. Ҳара изакәызаалак ҵакырадгьылк рыҭара ҳгәы иҭам. Аҭынчратә аиқәшаҳаҭра наӡазы аамҭа рацәа аҭаххар ҟалап,  аха,  мышқәак рыҩнуҵҟала зыҟаҵара ҟало иҟоуп – амца аанкылареи агуманитартә корридорқәа раартреи.  Урыстәылатәи ар украинатәи ар ирабашьуам,  дара атәылауаа ирабашьуеит.   Украинаҿ сириатәи ма афгантәи сценари мҩаҧыргар рҭахуп», — иҳәеит  Подолиак.