Урыстәылатәи аган ринформациала,  иаха адронқәа еиҭах Москва иажәылеит
Урыстәылатәи аган ринформациала,  иаха адронқәа еиҭах Москва иажәылеит

Иаха Урыстәыла ахҭнықалақь еиҭах адронқәа ажәылеит. Москва ахада Сергеи Собианини Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.

Урыстәылатәи аган рдыррала, аҧырҩы дызмам аҧырратә аппарат карыжьит Истринтәи араионаҿ, ауаа акгьы рмыхьит.

Адронқәа рыла ажәылара амшала москватәи аҳаирпланқәа сааҭқәак рыҩныҵҟа аус руамызт.  Ииаган ма иаҧырхын  30 раҟара ареисқәа.