Урыстәыла ала украинатәи Кривои Рог ажәылара аан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 5ҩык рҟынӡа
Урыстәыла ала украинатәи Кривои Рог ажәылара аан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 5ҩык рҟынӡа

Урыстәыла ала украинатәи Кривои Рог ажәылара аан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит 5ҩык рҟынӡа, хәыҷык данрылаҵаны, 34ҩык ахәрақәа роуит. Ари аинформациа аланарҵәеит    «Украинскаиа правда».

АИХ адыррала, ракетак аихагыла рацәа змоу аҩны иақәҳаит.

Украина Аҳаиртә мчқәа рхаҭарнак Иури  Игнат ишиҳәаз ала, Урыстәыла абаллистикатә ракетақәа рхы иадырхәазар ҟалап.

Ари аинцидент иақәҿиҭит Украина ахада.

«Иахьа шьыжьымҭан аурысцәа Кривои Роги Херсони аракетақәа рыларыжьит.  Анхарҭатә ҩнқәеи, ауниверситет ахыбреи, амҩақәеи ирылахысит. Рыцҳарас иҟалаз, иҭахази ахәрақәа заузи иҟоуп.  Урыстәылатәи атеррор амшала зуацәа зцәыӡыз ауаа зегьы срыдашшылоит», — иҩит Украина ахада Владимир Зеленски.