Аурыс арбџьармчқәа рыла Херсон ажәылара амшала аӡәы дҭахеит
Аурыс арбџьармчқәа рыла Херсон ажәылара амшала аӡәы дҭахеит

Иаха аурыс арбџьармчқәа Херсон иаахеит. Украинатәи амедиа ари аинформациа аланарҵәеит Херсон аокругтә администрациа анапхгаҩы Алеқсандр Прокудин иинформациа ашьаҭала.

Ажәылара амшала аӡәы дҭахеит, даҽаӡәы ахәра аиоуит.

Иара убас, Запорожие азгьы ажәылара мҩаҧган, уаагьы ҩыџьа ауааҧсыра ахәрақәа роуит,   40 раҟара аҩнқәа ҧхасҭоуп.