Иаха Урыстәыла  адронқәа  „Камикаӡе“  рыла Украина иажәылеит
Иаха Урыстәыла  адронқәа  „Камикаӡе“  рыла Украина иажәылеит

Иаха Урыстәыла  адронқәа  „Камикаӡе“  рыла Украина иажәылеит. Украина аҳаиртә мчқәа рдыррақәа рыла, атәылахьчаратә мчқәа ампыҵахалатә мчқәа идәықәырҵаз 23 адронқәа иқәырхит.

Киев арратә ақалақьтә администрациа  аиҳабы Сергеи Попков ишиҳәаз ала,  аурыс аруаа аҳҭнықалақь ахырхарҭала идәықәырҵеит  10 инареиҳаны адронқәа, украинаа урҭ рызынтәгьы икарыжьит.  Аха, аҧырҩы дызмам аҧырратә аппаратқәа рыхәҭак Одесса абаҕәазатә инфраструктура иаахеит.

Украина аҳаиртә мчқәа ринформациала,  Урыстәыла адронқәа рыла ажәылара мҩаҧнагеит 3 хырхарҭак рҟынтәи, урҭ рыбжьара, импыҵахалоу Ҟрым аҟынтәгьы.