Шьалуа  Папуашвили – Аидгылареи, ахатә алхра ахьчареи, уаҵәтәи амш агәрагареи аамҭа ааит, ҳтәыла аҭынчра азааҳгарц азыҳәан Русҭавели имҩадуаҿ ҳаиҧылап
Шьалуа  Папуашвили – Аидгылареи, ахатә алхра ахьчареи, уаҵәтәи амш агәрагареи аамҭа ааит, ҳтәыла аҭынчра азааҳгарц азыҳәан Русҭавели имҩадуаҿ ҳаиҧылап

«Аидгылареи, ахатә алхра ахьчареи, уаҵәтәи амш агәрагареи аамҭа ааит», — иҩит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвил  Facebook аҿы.

Шьалуа  Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуа милаҭ ҟәышуп,  зқьҩыла      «гәыкала иаҳзыҟоу» ауааҧсыра ачҳара дула ирыхәаҧшуеит,  аамҭа аиаанӡа иазыҧшуп, избанзар,  аиашара аиааира ишаго рдыруеит.

«Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ  амилаҭ  еидызкылаз иакымкәа ахҭысқәа ҟалеит. Абри аҩыза аҭагылазаашьақәа раан,  Қырҭтәыла еснагь аанарҧшуан ахатә ҭоурыхи наҟ-наҟтәи аҧеиҧши рыбжьара ацҳа арбгара шаҭахымыз.  Иахьа ҳара згәыдурала ҳаидгылазаауеит,  ҳхылҵ згәыдурала ираҳҳәоит ҳтәыла ахьыҧшымра, ақырҭуа ҳәынҭқарра иахьаҭахыз убра ҳашгылаз. Ақырҭуа милаҭ ҟәышуп,  зқьҩыла      «гәыкала иаҳзыҟоу» ауааҧсыра ачҳара дула ирыхәаҧшуеит,  аамҭа аиаанӡа иазыҧшуп, избанзар,  аиашара аиааира ишаго рдыруеит. Ари атәыла аҵеи ианеидгылаша, мчыс иҟоу акзаара шакәу анырҳәаша аамҭа ааит. Ҳаҧсадгьыл аҭынчра азааҳгарцаз, даҽазнык Қырҭтәыла иҳахьчарцаз иахьа Русҭавели имҩадуаҿ ҳаиқәшәоит. Иныҳәазааит ихьыҧшым Қырҭтәыла!», — иҩит апарламент ахантәаҩы.