Аиуристтә комитет «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иадгылеит
Аиуристтә комитет «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иадгылеит

Аиуристтә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет аҩбатәи аҧхьарала  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иахәаҧшны,  иадгылеит.

Аҧсахрақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп афинансыркра хәҭак – 20 наӡына еиҳаны аҳәаанырцәынтә изауа икоммерциатәым аиуристтә хаҿқәеи амедиахархәагақәеи „атәым мчы аинтересқәа мҩаҧызго аиҿкаара“ аҳасабала арегистрациа.

Азакәанпроект инақәыршәаны,  „атәым мчы аинтересқәа мҩаҧызго аиҿкаара“ аҳасабала иазхаҵоу  аиҿкаара аҳәынҭқарратә реестраҿ ашәҟәы иҭагалазароуп,  арегистрациаан хымҧада иарбазароуп афинансыркра иазку аинформациа наӡа. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаарақәеи амедиахархәагақәеи, хымҧада, есышықәса, афинанстә декларациа хадырҭәаароуп.

Еиқәыҧхьаӡоу аҭагылазаашьақәа назымгӡо аиҿкаарақәеи амедиахархәагақәеи 25 нызқь лари аҟынӡа  ахараҧса ашәара рықәшәоит.