Саудтәи Аравиа Украинеи Америкеи рделегациақәа реиҿцәажәара иалагеит
Саудтәи Аравиа Украинеи Америкеи рделегациақәа реиҿцәажәара иалагеит. Украина атәылахьчара аминистр Рустем Умеров ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.
„Ер-Риад, америкатә делегациа рҟны аиҧылара иалагеит. Ҳара Украина ахада иаҳасабтә наҳагӡоит, аҭынчра иаша аиқәыршәареи ашәарҭадара арҕәҕәареи ҳазҿлымҳауп. Амш аусхәаҧштә иануп аенергетикатә обиектқәеи ахадаратә инфраструктуреи рыхьчара иазку ажәалагалақәа. Иахьа атехникатә зҵаарақәа ҳрыхәаҧшуеит. Ҳделегациа иалоуп аенергетика аекспертцәеи, иара убас, арратә хаҭарнакцәеи“, – иҩит Умеров.