Financial Times – Урыстәыла ахада ихаҭа ишьақәирҕәҕәеит Роман Абрамович Украинаҟны аиҿцәажәарақәа дышрылахәы
Financial Times – Урыстәыла ахада ихаҭа ишьақәирҕәҕәеит Роман Абрамович Украинаҟны аиҿцәажәарақәа дышрылахәы

Зыхьӡ иарбам аинформатор идыррақәа рышьаҭала The Financial Times ишаанацҳаз ала, Урыстәыла ахада ихаҭа ишьақәирҕәҕәеит Роман Абрамович Украинаҟны аиҿцәажәарақәа дышрылахәы.

Аинформатор иҳәамҭала, Путин иқәшаҳаҭрала, Абрамович, аганқәа рыбжьара аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы,  Украина ахада ихаҭарнак диҧылеит.

Financial Times адыррала, Давид Арахамиа ааицҳаит Гомель имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа раан Абрамович дшиҧылаз.

«Сара ишьақәсырҕәҕәар сылшоит Абрамович активла аиҿцәажәарақәа дышрылахәы», — иҳәеит  Арахамиа Financial Times аинтервиу аҿы.

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ ишиҳәаз ала,  Абрамович аиҿцәажәарақәа реиҿкаара мацара далахәын, уажәы, Украинеи Урыстәылеи рхаҭарнакцәа рыбжьара ишиашо аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит.

Абрамович иҩызцәа ишырҳәаз ала, уажәазы абизнесмен агуманитратә зҵаарақәа рҭыҧқәҵара даҿуп.

Ишаарыцҳаз ала, мышқәак раҧхьа Роман Абрамович Ҭырқәтәылаҟа днеины, адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы  Ердоҕан ибжьагаҩ  Ибрагим Калин диҧылеит.