Лиз Трасс – Зны Урыстәыла ҳаиааироуп, анеҩс аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит
Лиз Трасс – Зны Урыстәыла ҳаиааироуп, анеҩс аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит

Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Лиз  Трасс лгәаанагарала, Урыстәылаҟны аҭынчратә аиҿцәажәарақәа мҩаҧгазароуп ари атәыла Украинаҿ ианаҵахалак ашьҭахь.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр ари аҳәамҭа ҟалҵеит НАТО асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз афорум аҿы.

Лара лгәаанагарала, урыстәылатәи арбџьармчқәа Украина аҵакырадгьыл аҿы иахьынӡагыло Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара ҟалом.

«Урыстәыла Украинаҿ иаҵахаратәы иҟаҳҵароуп. Уи европатәи ашәарҭадареи, ахақәиҭреи, адемократиеи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Европаҿ кыраамҭала аҭынчра аиқәыршәаразы уаҳа мҩак иҟам.  Аиҿцәажәарақәа мҩаҧгатәуп ҳәа зҳәо ауаа иҟоуп. Аха, уи аҭынчра ҧаршеи аҟынӡа ҳнанагоит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳаҧхьаҟа хымҧада еиҭах агрессиа ҟалоит. Ҳара ҧаса иҟаҳҵаз агхақәа зегьы ҳариашароуп. Зны Урыстәыла ҳаиааироуп, анеҩс аиҿцәжәарақәа мҩаҧаагоит», — илҳәеит  Лиз Трасс.