Британиа Ду атәылахьчара аминистр иҳәамҭала, Иран британиатәи арратә базақәа ахьгылоу Кипр ахырхарҭала 2 ракетак дәықәнаҵеит
Британиа Ду атәылахьчара аминистр Џьон Ҳили иҳәамҭала, Иран британиатәи арратә базақәа ахьгылоу Кипр ахырхарҭала 2 ракетак дәықәнаҵеит.
Иара убас, иара ишиҳәаз ала, Баҳреин иҟоу абазақәа ржәылараан урҭ рааигәара иҟан 300ҩык британиатәи аруаа.
«Иран ишҳақәмақаруаз, адунеи зехьынџьара атерроризм ишадгылоз, аиадертә программа аус шадырулоз збоз зегьы агәра ганы иҟоуп ари арежим ишшәарҭоу», — иҳәеит Ҳили.
Иран иаҿагыланы Америка имҩаҧнагаз ажәылара азакәанра иазкны ианиазҵаа Британиа Ду атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, ари азҵаара икомпетенциақәа ирыҵанакуам.