Мака Боҷоришвили – Римтәи Папа ҿыц ҳаиҧыланы, Қырҭтәыла априоритетқәа ирызкны ҳиацәажәоит
«Папа ҿыц ихаан Ватикани ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҧасеиҧш иҕәҕәазаауеит ҳәа ҳгәы иаанагоит, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Римтәи Папа Лео XIV иинаугурациа ашьҭахь.
Аминистр ишылҳәаз ала, ақырҭуа делегациа Римтәи Папа ҿыц иҧылареи Қырҭтәыла априоритетқәа ирызкны иацәажәареи алшара роуеит.
«Папа ҿыц иинаугурациа мҩаҧысит. Араҟа иҟан еиуеиҧшым атәылақәа рлидерцәа. Қырҭтәыла ахадагьы ари аусмҩаҧгатә далахәын. Папа ҿыц ихаан Ватикани ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҧасеиҧш иҕәҕәазаауеит ҳәа ҳгәы иаанагоит, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Иара убас, ҳара Папа ҿыц иҧылареи Қырҭтәыла априоритетқәа ирызкны иацәажәареи алшара ҳауеит», — илҳәеит Мака Боҷоришвили.