Аҳәаатә полициа Аҟәарахьчара адепартамент даҭааит Франциа ацҳаражәҳәаҩ
Аҳәаатә полициа Аҟәарахьчара адепартамент даҭааит Франциа ацҳаражәҳәаҩ Оливие Курто.
Аҳәаатә полициа иаланарҵәаз аинформациа ишану ала, аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы Аҳәаатә полициеи Аҟәарахьчара адепартаменти радминистрациа ахаҭарнакцәа ацҳаражәҳәаҩ изеиҭарҳәеит Аҳәаатә полициа аҳасабтәқәеи, аҳәынҭқарратә аҳәааҿы аҭагылазаашьеи, наҟ-наҟтәи апланқәеи ирызкны. Иара убас, хшыҩзышьҭра ҷыда рызун Амшын еиқәа ашәарҭадареи ари аконтекст аҿы аҟәарахьара инанагӡо ароли.