Аҳәаатә полициа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа ахьчаратә цыҧҵәахақәа рҿы аинџьныртә аҧынгылақәеи аелектронтә ардыргабжьытә системақәеи шьақәнаргылеит
«Аҳәаатә полициа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа ахьчаратә цыҧҵәахақәа рҿы аинџьныртә аҧынгылақәеи аелектронтә ардыргабжьытә системақәеи шьақәнаргылеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ицәырнагаз аинформациаҿы.
«Аелектронтә ардыргабжьытә системақәа азакәан еилазго, закәандарала аҳәаа ахысра зҽазызкуа ахаҿқәа реиҭаҵра иаҧырхагахоит, иара убас, ари асистема абзоурала, аҳәаатә сектор заанаҵы аинформациа аиуеит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа ахьеилагаз, мамзаргьы аҳәаа аилагара аҽазкра ахьыҟаз аҳәаатә цыҧҵәахақәа ирызкны», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.
Аусбарҭа адыррала, аинџьныртә аҧынгылақәеи аелектронтә ардыргабжьытә системақәеи шьақәыргылоуп Баҭымтәи Ахалцихетәи аҳәаатә цыҧҵәахақәеи, иара убас, Ацҳа ҟаҧшьи рҿы.