Давиҭ Ҭамазашвили Қырҭтәыла Аҳәаатә полициа аиҳабыс дҟарҵеит
Давиҭ Ҭамазашвили Қырҭтәыла Аҳәаатә полициа аиҳабыс дҟарҵеит

Давиҭ Ҭамазашвили Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  Аҳәаатә полициа аиҳабыс дҟарҵеит.

Аминистрра адыррақәа рыла, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе Аҳәаатә полициа аусзуҩцәа рнапхгаҩы ҿыц дрыдигалан, наҟ-наҟ иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

«Аиҧылараҿы аминистр Аҳәаатә полициа аусураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа дрылацәажәан, анапхгаҩы ҿыц аконкреттә адҵақәа ииҭеит. Гела Гелаӡе Аҳәаатә полициа ҧасатәи анапхгаҩы Николоз Шараӡе инаигӡаз аусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит», — иануп аминистрра аинформациаҿы.