Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Имҩаҧысраны иҟоу амитинг алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәан еиларгымгарц
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Имҩаҧысраны иҟоу амитинг алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәан еиларгымгарц

Абҵара 24 рзы аоппозициатә партиақәа Ареспубликатә ашҭаҿ еизаны, апарламентахь идәықәларц ргәы иҭоуп. Акциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи иргәалаҳаршәар ҳҭахуп аизарақәеи аманифестациақәеи рымҩаҧгара аҧҟара азакәан ала ишҳәаақәҵоу — иануп Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, азакәан инақәыршәаны, астратегиатә обиектқәа аблокада рзура ҟалом, Қырҭтәыла ашьауҕаьә закәанеидкыла 222-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, абри аҩыза ахымҩаҧгашьазы ахьырхәра иазҧхьагәаҭоуп.

«Астратегиатә обиектқәа аблокада рзура ҟалом, Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла 222-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, абри аҩыза ахымҩаҧгашьазы ахьырхәра иазҧхьагәаҭоуп. Ари ацәгьауразы  ҩышықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп, гәыҧҩык рыла ари ацәгьауразы агәыҧ алахәылацәа зегьы ҧшьышықәсанӡа абаандаҩтәра рықәшәоит. Иара убас, ауааҧсыра иргәалаҳаршәар ҳҭахуп 2024  шықәса жьҭаара 23 рзы Қырҭтәла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны,  астратегиатә обиектқәас иҧхьаӡоуп  Қырҭтәыла апарламенти Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациеи ахыбрақәагьы», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.