Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Акциаҿ ахәрақәа роуит 32-ҩык азакәанхьчаҩцәа, урҭ рҟынтә 13-ҩык аоперациа рзыруит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Акциаҿ ахәрақәа роуит 32-ҩык азакәанхьчаҩцәа, урҭ рҟынтә 13-ҩык аоперациа рзыруит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра уахынла апарламент аԥхьа аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирызку адыррақәа аланарҵәеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, акциаҿ ахәрақәа роуит 32-ҩык Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа.

Аинформациаҿ ишану ала, ахәрақәа зауз азакәанхьчаҩцәа рҟынтә 13-ҩык аоперациа рзыруит. Ахәшәтәырҭаҿ дышьҭоуп аполициа ахаҭарнак.

Иара убас, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, акциаан азакәанхьчаҩцәа 43-ҩык ааныркылеит.