Аполициаа Қвемо Қарҭли арегионаҿ анаркотикқәа рацәаны аадырҧшит, аӡәы даанкылоуп
Русҭави ақалақьаҿ имҩаҧгаз аоперативтә усмҩаҧгатәқәа раан, азинхьчаҩцәа 1992 шықәсазы ииз Т.Л. дааныркылеит. Иара уаанӡагьы закәандарала анаркотикқәа рацәаны раахәареи рыҵәахреи азы иус рыӡбахьан. Уажәы дызхааныркылаз ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.