Анаркотикқәа, урҭ ируакп, аныцәи марихуанеи ирыдҳәалоу ауранагӡаразы аҭакҧхықәра иаҳа иџьбарахоит
Анаркотикқәа, урҭ ируакп, аныцәи марихуанеи ирыдҳәалоу ауранагӡаразы аҭакҧхықәра иаҳа иџьбарахоит

Анаркотикқәа, урҭ ируакуп, аныцәи марихуанеи ирыдҳәалоу ауранагӡаразы аҭакҧхықәра иаҳа иџьбарахоит.

Иахьа апарламентаҿ иашьашәалоу аҧсахрақәа цәырган.

„Ашьауҕатә закәанеидкыла“ анормақәа ацлоит. Урҭ рыла иҳәаақәҵоуп анаркотиктә хархәагақәеи урҭ иреиҧшу ахәшәқәеи закәандарала рыҟаҵара, рааглыхра,  риагара,  рыҵәахра, ма рыҭиаразы  аҭакҧхықәра.

Иара убас,  аҳақьым иҩымҭа ада анаркотиктә хархәагақәеи урҭ иреиҧшу ахәшәқәеи закәандарала рыҟаҵара, рааглыхра,  риагара,  рыҵәахра, ма рхархәаразы аҭакҧхықәра иаҳа иџьбарахоит.

«Анаркотрафик» ҳәа ахьӡ змоу аконцепциақәеи «наркотикқәа рыҭира» ҳәа ахьӡ змоу аконцепциақәеи еилыргоуп. Уи, иара убас, наркотик зҭиуа иҭаацәара иаҵанакуа, иҭынха гәакьас иҧхьаӡоу ауаа ҳәаақәҵоуп.  Анаркотик зҭиуа имазара ҳәа иԥхьаӡахо еилкаахоит. Иарбоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Административтә еилагарақәа рзы Азакәанԥҵара ахәҭаҷқәак рҿы иазԥхьагәаҭоу аҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы хәышықәса рҟынӡа амашьына аныҟәцара, аҳәынҭқарратә маҵзура анагӡара, абџьар аҟаҵара, аиура, аҵәахра, аныҟәгара азин иоуам.