Азинхьчаҩцәа анаркотикқәа рацәаны закәандарала Қырҭтәылаҟа аагара афакт аҧырырхит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Акриминалтә полициа адепартамент хадеи Афинансқәа рминистрра Ахазалхратә департамент Ахашәалатә маҵзуреи аусзуҩцәа, анаркотикқәа рацәаны закәандарала раахәареи, рыҵәахреи, Қырҭтәылаҟа раагареи ахарадҵарала, атәылауаҩ Џь. К. дааныркылеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминситрра аинформациа ишану ала, Ҭырқәтәыла атәылауаҩ даанкылоуп агәаҭара-аужьҭратә пункт «Сарпи» аҿы.
«Зыӡбахәы ҳәоу ауаҩы иеимдараан идырбалеит 979 акыҧқәа МДМА-и “прегабалин” злоу 47 акапсулақәеи. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.