Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа атрефикинг ахарадҵарала хаҿык дааныркылеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа атрефикинг ахарадҵарала хаҿык дааныркылеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа, аоперативтә аҧшааратә аусурақәа мҩаҧганы, атрефикинг ахарадҵарала дааныркылеит уаанӡагьы зус ӡбахьоу, 1975 шықәсазы ииз В.А..

«Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, ахара зду ауаҩҧсы, аџьаустә експлуатациа амзызла, апсихологиатә ақәыҕәҕәареи ашьрала ақәмақарреи ала, иҧҳәыс Баҭым ақалақьаҿ асадаҟы аизгара лыдицалон.

Иара убас, ишеилкаахаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ахаҿы, иацҵаны ахашәала аиура амзызла, инвалидк джьаны Қарҭынтә Қәҭешьҟа днаганы, асадаҟы аизгара идицалон, нас, аинвалид закәандарала еизигоз аҧара имхны игон.

Азарал зауз ауаа ацәгьауаҩ иҳәатәы анхарымҵоз, ипҟон», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 12 шықәса инаркны  15 шықәсанӡа аҭакра.