Аҳәаатә полициа аиҳабы ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит
Аҳәаатә полициа аиҳабы ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәаатә полициа аҟәарахьчаратә департамент ЕАШ ацҳаражәҳәара аделегациа иаҭааит.

Аҳәаатә полициа аиҳабы Николоз Шараӡеи Аҟәарахьчаратә департамент аиҳабы Рамаз Папиӡеи асасцәа рыдыркылеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит ЕАШ атәылахьчаратә атташе Џьозеф Бильбо, ЕАш атәылахьчара аусхкы аҿы усеицуратәофис аиҳабы, авице-полковник Ерол Мунири, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абжьагаҩ Стивен Бауер, ЕАШ ацҳаражәҳәара аполитикатәи аекономикатәи аҟәшақәа рхаҭарнакцәа.

Аҳәаатә полициа аиҳабы Николоз Шараӡе ЕАШ ацҳаражәҳәаҩи аделегациа алахәылацәеи Аҳәаатә полициа аҟәарахьчаратә департамент априоритетқәеи апроектқәеи рыдигалан, асасцәа Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәаатә полициеи Аҟәарахьчаратә департаментт ЕАШ-и ирыбжьоу аусеицуразы иҭа́буп ҳәа раиҳәеит