Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Анеитралтә зонаҿы иҟоу ауааҧсыра иҵабыргу адокументқәа рымам, аҧсадгьылахь рыхынҳәразы украинатәи агани жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  - Анеитралтә зонаҿы иҟоу ауааҧсыра иҵабыргу адокументқәа рымам, аҧсадгьылахь рыхынҳәразы украинатәи агани жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра  „Дариал“ анеитралтә зонаҿы иҟоу ауааҧсыра ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аминистрра адыррақәа рыла, уажәазы анеитралтә зонаҿы иҟоуп  17ҩык, дара рҳәамҭала, Украина иатәылауаам, аха, аҳәаа ахысразы иаҭаху иҵабыргу адокументқәа рымам, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаашҟа анеиразы ишьақәыргылоу акритериқәа ирышьашәалам.

Иара убас, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, арҭ ауаа ихьанҭоу ма ҷыдала ихьанҭоу ацәгьаурақәа рзы русқәа ӡбоуп.

Аминистрра адыррақәа рыла, анеитралатә зонаҿы иҟоу ауаа рхатә ҭаххарала, шәарҭада аҧсадгьылахь рырхынҳәразы, ақырҭуа аган украинатәи агани жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит.