Мака Боҷоришвили  Кувеит адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит
Мака Боҷоришвили  Кувеит адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит

Анталиа имҩаҧысуа Адипломатиатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Кувеит адәныҟатәи аусқәа рминистр  Абдулла  Али аль-Иахиа диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Кувеити русеицура иаҵанакуа азҵаарақәа рацәеи иҳаракӡоу аҩаӡараҟны авизитқәа реиҭныҧсахлареи иалацәажәеит.

Иара убас, излацәажәаз азҵаарақәа иреиуп ахәаахәҭреи, аинвестициақәеи, атуризми аусхкқәа рҿы атәылақәа русеицуреи, аекономикатә усеицуразы азеиҧш комиссиа аҧҵара аперспективеи.

Аганқәа рхаҭарнакцәа, аҵареи акультуреи аусхкқәа рҿы аизыҟазаашьақәагьы ирзааҭгылеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.