Илиа Ҭоҧуриеи UFC егьырҭ ақәҧаҩцәеи Вашингтон, Линкольн имемориал аҧхьа апресс-конференциа мҩаҧыргеит #1TVSPORT
UFC Freedom 250 иалагаанӡа, Вашингтон, Линкольн имемориал аҧхьа имҩаҧгаз апресс-конференциа ихы алаирхәит Илиа Ҭоҧуриа – иара адивизион лас аҿы (70 кьыла) имаҟа ахьчара иҽазикуеит, уи азыҳәан, америкауаҩ Џьастин Геиџьи диақәҧоит.
29 шықәса зхыҵуа Илиа Ҭоҧуриа 17 аиаиарақәа имоуп. 37 шықәса зхыҵуа Геиџьи 32 ақәҧарақәа рҟынтә 27 рҿы аиааира игеит.
Аҩны шкәакәаҿ UFC раҧхьатәи аусмҩаҧгатә мҩаҧгахоит рашәара 15 рзы – ари атурнир Америка Ахьыҧшымра амш иазкызаауеит.