Илиа Ҭоҧуриа Аҩны шкәакәаҿ имҩаҧысраны иҟоу   UFC атурнир ихы алаирхәоит, уаҟа иара акапан лас аҿы ачемпион ититул аиуразы   Џьастин Геиџь диақәԥоит #1TVSPORT
Илиа Ҭоҧуриа Аҩны шкәакәаҿ имҩаҧысраны иҟоу   UFC атурнир ихы алаирхәоит, уаҟа иара акапан лас аҿы ачемпион ититул аиуразы   Џьастин Геиџь диақәԥоит #1TVSPORT

Илиа Ҭоҧуриа Аҩны шкәакәаҿ имҩаҧысраны иҟоу,  UFC аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа идуу атурнир ихы алаирхәоит. Рашәара 15 рзы,  Вашингтон, Аҩны шкәакәаҿ Илиа Ҭоҧуриа  акапан лас аҿы ачемпион ититул аиуразы, америкатә ақәҧаҩ   Џьастин Геиџь диақәԥоит.

UFC Freedom 250 захьӡу атурнир Америка ахьыҧшымра  250 шықәса ахыҵра инамаданы имҩаҧгахоит. Атурнираҿ ф-ақәҧарак мҩаҧгахоит. Ҭоҧуриеи Геиџьи зегьы рышьҭахь еицлабуеит.

29 шықәса зхыҵуа Илиа Ҭоҧуриа  ҩынтә  UFC ачемпионс дҟалахьеит.  2024 шықәсазы иласӡоу акапанаҿ  (66 кг) дчемпионхеит. 2025 шықәса рашәарамзазы ақырҭуа ақәҧаҩ акапан лас (70 кг) аҿы ачемпион ититул иоуит.  37 шықәса зхыҵуа Џьстин Геиџь адивизион ачемпион аамҭалатәи имаҟа имоуп.

Вашингтон,  Аҩны шкәакәа аҵакыраҿ, Ҭоҧуриа, раҧҳхьаӡа акәны, акапан лас аҿы ичемпионтә маҟа ахьчара иҽазикуеит. Иахьанӡа иара  еилаҧсоу ақәҧарақәа рҿы зныкгьы даҵамхацт,  17-нтә аиааира игахьеит.